Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Ненси Пелоси Азербаиџьан иазықәлыргылаз иҵаҵгәыркым ииашам ахарадҵарақәа ҳрықәшаҳаҭым
Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Ненси Пелоси Азербаиџьан иазықәлыргылаз иҵаҵгәыркым ииашам ахарадҵарақәа ҳрықәшаҳаҭым

Азербаиџьан Адәныҟатәиа усқәа рминистрра   Америкатә Конгресс ахаҭарнак Ненси Пелоси  Шәамахьтәыла лвизитаан ашьха-ҟарбахтәи аимак иазкны иҟалҵаз аҳәамҭа аҭак арҭеит.

«Ненси Пелоси Азербаиџьан иазықәлыргылаз иҵаҵгәыркым ииашам ахарадҵарақәа ҳрықәшаҳаҭым», —  иануп Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала,  сынтәа, цәыббра 13 рзы, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан  аҳәынҭқарратә аҳәаа иазааигәаны, зымҽхак дуу арратә провокациа мҩаҧнагеит. Азербаиџьантәи арбџьармчқәа ари апровокациа аҧыхны, атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи рыхьчеит. Азербаиџьантәи аган рҳәамҭала,  абри афакт азы аҭакҧхықәра рыдуп Шәамахьтәыла арра-политикатә напхгара.

Азербаиџьан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, Ненси Пелоси Ереван аҳәамҭа ҟалҵеит ашәамахь пропаганда ашьаҭала, уи Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иаҧырхагоуп.