Таиван ашьҭахь, Ненси Пелоси Аладатәи Кореиа даҭааит
Таиван ашьҭахь, Ненси Пелоси Аладатәи Кореиа даҭааит

Таиван ашьҭахь, ЕАШ ахаҭарнкратә палата аспикер Ненси Пелоси Аладатәи Кореиа даҭааит. Сеул лара лколлега, Аладатәи Кореиа Амилаҭтә ассамблеиа аспикер Ким Џин Пиои егьырҭ аказәанԥҵаҩцәеи дырԥылеит.

Агентра “Роитер” аинформациа ала, аиҿцәажәараан арегион ашәарҭадареи аекономикатә аусеицуреи, аклимат иазку азҵаарақәеи ирыхәаԥшит. ЕАШ ахаҭарнкратә палата аспикер Ненси Пелосии Аладатәи Кореиа Амилаҭтә ассамблеиа аспикери Аҩадатәи Кореиантә ашәарҭа азҳара иазкны ргәынамӡара аадырԥшит. Аиԥылараан Ненси Пелоси Кореиатәи адгьылбжьаха аденуклеризациа дшадгыло аалыцҳаит.

Иахьа Ненси Пелоси Аладатәии Аҩадатәии Кореиаа рҳәаахь днеиуеит.