Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи атәылахьчаратә министериал сынтәа Қырҭтәыла мҩаԥгахоит
Азербаиџьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи атәылахьчаратә министериал сынтәа Қырҭтәыла мҩаԥгахоит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Азербаиџьантәи ареспублика Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рамил Усубов диԥылеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аганқәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани ирыбжьоу астратегиатә усеицура аҵакы иахцәажәеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Аладатәи Кавказ аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара апроцесс аҽалархәра азыхиоуп.

Ахшыҩзышьҭра азуун Азербаиьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи аусеицура аформат. Иракли Чиқовани иажәақәа рыла, Азербаиьан-Ҭырқәтәыла-Қырҭтәыла хганкалатәи атәылахьчаратә министериал сынтәа Қырҭтәыла мҩаԥгахоит .