Қырҭтәыла имҩаҧысуеит «Ахәыҷтәы Евровизиа 2025» — афиналтә шоу мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын 13 асааҭ 20:00 рзы.
Зпрестиж дуу европатәи ахәыҷтәы конкурс рхы аладырхәоит 18 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ дреиуп Қырҭтәыла ахаҭарнакгьы, апроект «Ранина» аиааирагаҩы Анита Абгариан.
Аҳәыҷтәы «Евровизиа 2025» аҿы онлаин-абжьыҭирагьы ҟалоит — абжьыҭира аҽалархәра ҟалоит Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы, адунеи еиуеиҧшым акәакьқәа рҟынтәгьы.
Абжьыҭира иалагоит ҧхынҷкәын 12 асааҭ 00:00 азы асаит jesc.tv аҿы.
Ҧхынҷкәын 13 рзы имҩаҧысуа ашоу ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.