Иахьа, асааҭ 23:00 рзы, Евровизиа 2025 актәи афиналбжа мҩаҧысуеит.
Ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылоит 15 ҳәынҭқаррақәа – Исландиеи, Польшеи, Словениеи, Естониеи, Украинеи, Швециеи, Португалиеи, Норвегиеи, Бельгиеи, Италиеи, Азербаиџьани, Сан-Маринои, Албаниеи, Нидерланды, Хорватиеи, Кипри. Урҭ рҟынтә жа-ҳәынҭқаррак афиналтә шоу ашҟа ииасуеит.
Қырҭтәыла ахаҭарнак Мариам Шенгелиа дықәгылоит лаҵара 15 рзы, «Евровизиа -2025» аҩбатәи афиналбжаҿы.
Сынтәа ашәаҳәаратә конкурс «Евровизиа» мҩаҧысуеит Швеицариа, Базель ақалақьаҿ. Ишаҧу еиҧш, ишиашоу ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.
Аконкурс аҧҟарақәа инрықәыршәаны, шәтәыла абжьы ашәҭар ҟалом.