Қырҭтәыла ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа-2025» амҩаҧгаразы аҽазыҟанаҵоит
Қырҭтәыла ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа-2025» амҩаҧгаразы аҽазыҟанаҵоит

 

Қырҭтәыла ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровизиа-2025» амҩаҧгаразы аҽазыҟанаҵоит. Ҧхынҷкәын 13 рзы имҩаҧысуа аконкурс рхы аладырхәоит 18  европатәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ дреиуп  «Ранина» аҿы аиааира згаз  Анита Абгариангьы.

«Евровизиа» амҩаҧгара азҵаара иадҳәаланы, Қырҭтәыла акультура аминистри Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директори апресс-конференциа мҩаҧыргеит.

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡнишвили ишылҳәаз ала, идуӡӡоу европатәи афестиваль азы активла аҽазыҟаҵара иаҿуп.

«Қырҭтәыла ахәыҷтәы  «Евровизиа» аҿы ҧшьынтә аиааира агахьеит, уи рекордуп, ҳәарада, ҳтәыла уи иалаҽхәоит. Ауаажәларратә дырраҭара иҩынтәны ари апроцесс иалахәып адкыларатә ган аҳасабала. Ақырҭуа хәыҷқәа рзы  афестиваль дуӡӡа мҩаҧаагоит. Уи концертк мацара акәӡам  —   ҧхынҷкәын 1 азы афестивальтә амчыбжь иалагоит. Ҳара 2 концертк мҩаҧаагоит,  уаҟа иҟазаауеит  3 000ҩык раҟара ахәыҷқәа. Аҩбатәи аконцерт ишиашоу аефираҿ иоурыжьҭуеит  18 ҳәынҭқаррақәа. Ҳхәыҷқәа агәырҕьара ду рзыҧшуп ҳәа сгәы иаанагоит. Европатәи адырраҭарақәа рхеилак акоманда зегьы Қырҭтәылаҟа иаахьеит, европатәи афестиваль дуӡӡа амҩаҧгаразы активла аҽазыҟаҵара ҳаҿуп», — илҳәеит Ҭинаҭин Берӡнишвили.

Қырҭтәыла акультура аминистр Ҭинаҭир Рухаӡе лҳәамҭала, ахәыҷтәы «Евровизиа» иҩынтәны Қырҭәтыла имҩаҧысуеит, атәыла уи иалаҽхәаратәы иҟоуп. Лара лажәақәа рыла, ари афакт Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп.