Анита Абгариан қәҿиарала лықәгылара Евровизиа афиналтә шоу аҿы  [авидео]

2025 шықәсатәи ахәыҷтәы Евровизиа афиналтә шоу аҿы ахәаҧшцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла ахаҭарнак Анита Абгариан.

Қырҭтәыла ахаҭарнак жәахәтәи аномерла дықәгылан, ашәа  – Shine like a star налыгӡеит.

Ашәа иҩит Гига Кухианиӡе. Атекст лҩит Мариам Ҕвалаӡе. Аконкурстә ашәа авидеонҵамҭа аҧҵан Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ, арежиссор – Ҭемур Квирквелиа.

2025 шықәсатәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс Евровизиа иалахәын  18 европатәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.