Ахәыҷтәы "Евровизиа -2025" азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит ҧхынҷкәын 1 инаркны, TKT.GE аҿы
Ахәыҷтәы “Евровизиа -2025” азы абилеҭқәа рыҭира иалагоит ҧхынҷкәын 1, асааҭ 14:00 инаркны, TKT.GE аҿы.
Ашәаҳәаратә конкурс афиналтә шоу мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 13 асааҭ 20:00 рзы, Қарҭтәи Аолимпиатә ахан аҿы.
Аконкурс афинал иалахәызаауеит 18 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ дреиуп Қырҭтәыла ахаҭарнак, — апроект «Ранина» аиааирагаҩы Анита Абгариан.
Ҧхынҷкәын 13 рзы, афиналтә шоу ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аефираҿ.