Ахақәиҭра ашҭаҿы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы аҽазыҟаҵара иаҿуп
Ахақәиҭра ашҭаҿы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы аҽазыҟаҵара иаҿуп

Ахақәиҭра ашҭаҿы Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа рзы аҽазыҟаҵара инагӡоит. Иахьа Ахақәиҭра ашҭаҿы арепетициа хада мҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла, арепетициа рхы аладырхәоит Қырҭтәыла авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Паата Патиашвилии, Атәылахьчаратә мчқәа анапхгареи. Аруаа рныыҳәатә усмҩаҧгатәқәа рзы аҽазыҟаҵара анапхгара азиуеит Атәылахьчаратә мчқәа анапхгаҩы, аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвили.

Аминистрра аинформациа ишану ала, Атәылахьчаратә мчқәа ахатә аилазаара инаваргыланы, арепетициа иахысуеит лаҵара  26 рзы ҭоуба зуа аруаҩҿыццәагьы.

Ишаҧу ала, лаҵара 26 рзы, Ахьыҧшымра амш азгәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит 21 ақалақьқәеи амуниципалитетқәеи рҿы.