Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵара апроцесси иалацәажәеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵара апроцесси иалацәажәеит

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, атәылаҿы иаарҧшу  аштамм ҿыци, аинтенсивтә терапиеи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟара апроцесси ирылацәажәеит Аҧызаминистр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Ахеилак аилатәараҿы инарҭбааны иалацәажәеит Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа. Ишазгәаҭаз ала, иҳаҩсыз амшқәа рзы иҟаҵаз атестқәа рацәамызт, акоронавирус афактқәагьы рацәамызт, убри аҟынтә, иахьа иаарҧшыз 2 316 афактқәа иҳаҩсыз хымш рыла иаарҧшымыз афактқәа роуп.  

Ахеилак алахәылацәа Қырҭтәыла иаарҧшыз акоронавирус аштамм ҿыц  иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, аклиникатә ганахьала аштам ҿыц уажәраанӡагьы иҟаз акоронавирус ахкҿыц еиҧшҵәҟьа имҩаҧысуеит, уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, аштамм ҿыц иаҳа ирласны аларҵәара алшоит, убри аҟынтә, иаҳа хшыҩзышьҭра азутәуп.   

Иара убас, аилатәараҿы иалацәажәеит аинтенсивтә терапиа апроцесси ари ахырхарҭала иацҵаны имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи, урҭ рыбжьара, зыӡбахәы ҳәоу апроцесс иаҳа қәҿиарала амҩаҧгара иацхраауа асистематә хықәкылатәи агәыҧқәа рырҭбаарагьы.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы хшыҩзышьҭра азун аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара амзызла имҩаҧысуа аусуреи, ари азҵаара иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа ала иҟаҵоу ашьаҿақәеи. Ишазгәаҭаз ала, атәыла авакцина раҧхьатәи адозақәа излауа ала ирласны аиурц азыҳәан, аиҳабыра  еиҧҟьарада аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит  жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҭзыжьуа аилахәырақәеи рҟны, ари апроцесс активла иалахәып  адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә аус зуа  Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.  

Аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәеи аспециалистцәа рыбжьагарақәеи хымҧада ишынагӡатәу  – ҷыдала, асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи.

Қырҭтәыла акоронавирус раҧхьатәи афакт анаарҧшыз инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит  232 079-ҩык, урҭ рҟынтә  222 787-ҩык ачымазара иалҵхьеит,  2 646-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 377-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы  – 763-ҩык, астационарқәа рҿы – 4 012-ҩык апациентцәа.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.