Австриа Афинансқәа рминистр  - Австриаҿ асанкциақәа зқәырҵаз урыстәылатәи ахаҿқәа иртәыз ҩмиллиард евро активқәа иҵаауп
Австриа Афинансқәа рминистр - Австриаҿ асанкциақәа зқәырҵаз урыстәылатәи ахаҿқәа иртәыз ҩмиллиард евро активқәа иҵаауп

Австриаҿ Урыстәылантә асанкциақәа зқәырҵаз ахаҿқәа иртәыз ҩмиллиард евро активқәа иҵаауп, – иҩит Австриа Афинансқәа рминистр “Твиттер” аҿы.

„Урыстәыла аганахьала асанкциақәа иеффектны рхархәара Австриеи, Европеи, ЕАШ-и  ринтересқәа ирылоуп. Ҳара агрессор тәыла аганахьала ишьақәгылоу мраҭашәратәи асанкциақәа ҳрыдгылоит, аибашьра иалагеижьҭеи иахьанӡа Австриаҿ асанкциақәа зқәырҵаз урыстәылатәи ахаҿқәа иртәыз ҩмиллиард евро активқәа иҵаауп,” – иҩит аминистр.

2022 шықәса лаҵаразы Австриа анапхгара асанкциақәа зқәыз аурысцәа 254 миллион евро ирҵааит.