Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 70-ҩык рҟынӡа атәылауаа
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 70-ҩык рҟынӡа атәылауаа

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзырухьеит 70-ҩык рҟынӡа атәылауаа.

“Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа аԥсабаратә рыцҳара азона аҟынтә аевакуациа рзыруит 70-ҩык рҟынӡа атәылауаа, урҭ ишәарҭам аҭыԥ ахь инагоуп”,- аарыцҳаит аусҳәарҭа  аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аҳәаахьчаратә мчқәа рҵәиԥрыгақәа хреиск нарыгӡахьеит,  аиқәырхаратә операциа нагӡоит.

„Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭып аҿы иҟоуп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуа Иосеб Ҷелиӡеи Гьаргь Буҭхузии, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебришвилии, урҭ аиқәырхаратә операциа напхгара азыруеит”, – аарыцҳаит аусҳәарҭа апрессмаҵзура аҟынтә.

Они амуниципалитет иаҵанакуа акурорт Шови аҵакыраҿ, асасааирҭа “Сансет Шови” ааигәара адгьыл ҳәазеит. Аепицентр аҿы 15-ҩык иҟан.