Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуааи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебришвилии иӡыз атәылауаа руацәеи аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа инеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуааи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебришвилии иӡыз атәылауаа руацәеи аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа инеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Иосеб Ҷелиӡеи Гьаргь Буҭхузии,  аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы аиҳабы Ҭеимураз Мӷебришвилии иӡыз атәылауаа руацәеи аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа инеит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, урҭ аиқәырхара-аԥшаратә уснагӡатәқәа ирызку адеталтә дыррақәа роуит.

“Дронқәа рыла аҵакырадгьыл гәаҭан. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеит иӡыз ауааԥсыра рҭаацәарақәа рылахәылацәеи реиԥылара иацы мҩаԥган.

Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара 11-ҩык иаҟароуп.

Аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа ирылахәуп Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура  амцарцәаҩ-аиқәырхаҩҵәа, аполициа адепартамент, дронқәа, атехника ҷыда, аҳәаатә полициа агьежьԥрыга, иара убас, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура акинологцәа ргәыԥ.