Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр – Авокзалтә ашҭаҿы анхарҭатә ҩны аилаҳара афакт иадҳәаланы аусеилыргара мҩаҧысуеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа реилагаразы
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр – Авокзалтә ашҭаҿы анхарҭатә ҩны аилаҳара афакт иадҳәаланы аусеилыргара мҩаҧысуеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа реилагаразы

 

Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  иҳәамҭала,  Авокзалтә ашҭаҿы анхарҭатә ҩны аилаҳара афакт иадҳәаланы аусеилыргара мҩаҧысуеит Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала,  аргыларатә усурақәа рымҩаҧгараан ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа реилагаразы

Гека Гелаӡе иажәақәа рыла, аӡәы дышҭахаз шьақәырҕәҕәоуп, даҽаӡәы ахәышәтәырҭашҟа днагоуп.

«Адырра анҳауҵәҟьа, аҭыҧашҟа инаган аиқәырхаратә маҵзуреи аполициатә мчқәеи. Аусеилыргара мҩаҧысуеит  240-тәи ахәҭаҷла. Аӡәы ахәышәтәырҭашҟа днагоуп. Иара убас, ишьақәырҕәҕәоу аинформациа инақәыршәаны, аӡәы дҭахеит.  Аусеилыргаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.