Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ  - Украина еибашьырц зҭахым Урыстәыла атәылауаа Америка ахыҵакырҭа иаҳәар рылшоит
Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ  - Украина еибашьырц зҭахым Урыстәыла атәылауаа Америка ахыҵакырҭа иаҳәар рылшоит

«Урыстәыла адәахьы акциақәа шымҩаҧысуа, ауаа апетициақәа рнапы шрыҵарҩуа аабоит,  сгәы ишаанаго ала, дара иҳдырдырыр рҭахуп Путин дызлагаз аибашьра ишақәшаҳаҭым», — илҳәеит Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ  Карин-Жан-Пьер.

«Дара ргәаанагара еилкаауп. Арҭ ауаа ирдыруазар ҳҭахуп, рмилаҭ иахьыҧшымкәа, Америка ахыҵакырҭа аиуразы арзаҳал арҭар рылшоит.  Ҳара арзаҳалқәа зегьы хаз-хазы ҳрыхәаҧшуеит.  Ахыҵакырҭа иашьҭоу ауаа зегьы ҳрыдгылоит.  Ҳара лабҿаба иаабоит Урыстәыла ауааҧсыра аибашьра шырҭахым. Аӡәы заҵәык иоуп абри аибашьра аанкылара зылшо  — уи Урыстәыла ахада Путин иоуп.  Иара иоуп абри агәымбылџьбаратә аибашьра иалагаз, иара иоуп уи аанызкылаша», —  илҳәеит Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ.