Атәылахьчара аминистрра Акибершәарҭадара абиуро ахаҭарнакцәа Америка имҩаҧгаз акиберазыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит
Атәылахьчара аминистрра Акибершәарҭадара абиуро ахаҭарнакцәа Америка имҩаҧгаз акиберазыҟаҵарақәа рхы рыладырхәит

Аштат Џьорџьара Амилаҭтә гвардиа ааҧхьарала, Атәылахьчара аминистрра Акибершәарҭадара абиуро ахаҭарнакцәа Америка имҩаҧгаз акиберазыҟаҵарақәа Cyber Dawg  рхы рыладырхәит.

Арҭ азыҟаҵарақәа ахадаратә ҵакы змоу аинфраструктура ашәарҭадара аиқәыршәара иазкын.

Азыҟаҵарақәа ирылахәын еиуеиҧшым америкатә арратәи атәылауаҩратәи маҵзурақәеи апартниортә тәылақәеи.

Асценари инақәыршәаны, акомандақәа ҳасабтәс ирыман аинцидентқәа раарҧшреи рықәҿыҭреи ала  IT-инфраструктура акибершәарҭадара аиқәыршәара.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Акибершәарҭадара абиуро агәыҧ, зегьы реиҳа ирацәаны акиберинцидентқәа аарҧшны, актәи аҭыҧ ааныркылеит.