Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрреи польшатәи аилахәыреи азениттә-ракетатә комплекс аахәара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрреи польшатәи аилахәыреи азениттә-ракетатә комплекс аахәара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрреи польшатәи аилахәыреи азениттә-ракетатә комплекс аахәара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, аилахәыра MESKO S.A ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрихаҭыԥуаҩ Гьаргь Хаиндрава дырԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла НАТО астандартқәа ирышьашәалоу бџьартә аибыҭара  аларҵәара ҵакы. Иара убас Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрреи польшатәи аилахәыра MESKO S.A-и азениттә-ракетатә комплекс аахәара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.