Атәылахьчара аминистрра – Гори аруаҩ иҭахара даараӡа ҳгәы иалсит, иҭахаз аруаҩ иҭаацәара ҳрыдашшылоит
Атәылахьчара аминистрра – Гори аруаҩ иҭахара даараӡа ҳгәы иалсит, иҭахаз аруаҩ иҭаацәара ҳрыдашшылоит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра  Гори аруаҩ иҭахара иадҳәаланы агәалсра аарҧшны, иҭахаз аруаҩ иҭаацәара ирыдашшылеит.

« 1982  шықәсазы ииз аруаҩ  Иуане Гогиӡе Гори иҭахара даараӡа ҳгәы иалсит, иҭахаз аруаҩ иҭаацәара ҳрыдашшылоит .

Ҧхынҷкәын 28 рзы аруаҩ, Гори дахьыҩназ ауадақәа рҿы, аҽыкәабарҭаҿ дыҧсны дырбеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, уаҟа   аӡырҧхага  аҧхасҭа амазар ҟаларын, убри амшала аруаҩ аҧсабаратә газ дахәаҽит. Аҧсы аекспертиза изыҟарҵоит», —  аарыцҳаит Атәылахьчара аминистрра аҟынтәи.