Атәылахьчара аминистрраҿы апартниор тәылақәа ртәылахьчара аташецәа рзы   2023 шықәсатәи аихшьаалатә брифинг мҩаҧган
Атәылахьчара аминистрраҿы апартниор тәылақәа ртәылахьчара аташецәа рзы   2023 шықәсатәи аихшьаалатә брифинг мҩаҧган

Атәылахьчара аташецәа рассоциациа есышықәсатәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла акредитациа змоу апартниор тәылақәа ртәылахьчара аташецәа рзы имҩаҧган атәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара амзызла сынтәа имҩаҧгаз апроектқәеи ареформақәеи ирызкыз абрифинг.

2023 шықәсатәи аихшьаалатә брифинг мҩаҧган Атәылахьчара аминистрра „Армиҳол“ аҿы.  Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, абригада аинрал Иракли Ҷиҷинаӡе апартниорцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицура ҕәҕәа азыҳәан.

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра апрессмаҵзура адыррала, атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәеи  адипломатцәеи  жәашықәсатәи ауснагӡатәқәа рплан ала иаҧхьагәаҭоу  апроектқәеи ақәҧаратә алшарақәа рырҕәҕәара амзызла иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа  арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит.