Атәылахьчара аминистр иҭахаз аруаа рхылҵ Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рымш рыдиныҳәалеит
Атәылахьчара аминистр иҭахаз аруаа рхылҵ Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рымш рыдиныҳәалеит

Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе иҭахаз аруаа рхылҵ Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш рымш рыдиныҳәалеит.

 Џьуаншер Бурҷулаӡе  Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара зхы ақәызҵаз, иара убас, жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿгьы  амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараангьы иҭахаз    афырхацәа рхылҵ идикылеит  аквапарк  «Џьино Передаис» аҿы, иара ахәыҷқәа ҳамҭас ириҭеит  ахәаахәҭратә центр  Ист-Поинт  аҟынтә  500 лари ицо аваучерқәа.

Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррала, иахьа ахәыҷқәа еиуеиҧшым агәырҿыхаратә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәыр рылшоит.

«Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара зхы ақәызҵаз, иара убас, жәларбжьаратәи амиссиақәа рҿгьы  амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараангьы иҭахаз    афырхацәа рхылҵ реиҷаҳара Атәылахьчара аминистрразы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп», — иануп адырраҿы.