"Атәылауаа" алидер  "Европатәи Қырҭтәыла" алахәылацәа асаботаж рхараиҵоит
 "Атәылауаа" алидер  "Европатәи Қырҭтәыла" алахәылацәа асаботаж рхараиҵоит

 

«Бокериа ипартиа ахаҭарнакцәа абарҭ аиҧыларақәа ирылахәыз адетальқәа раларҵәара мацаразы. Дара асаботаж нарыгӡоит. Аус ҧхасҭартәыр рҭахуп, избанзар Бокериеи Угулавеи апарламент изаламлеит», —  иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили Facebook ала иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.

Иара ишиҳәаз ала,  «Европатәи Қырҭтәыла» ахаҭарнакцәа хықәкык ауп ирымоу  —  аус иаҧырхагахар рҭахуп.

Елисашвили иҳәамҭала, ацҳаражәҳәаҩцәа рыҳәара ала, аиҧылара адетальқәа дызрылацәажәом, избанзар ацҳаражәҳәаҩцәа ргәаанагарала, уи аус иаҧырхагахар аует.

«Сара аӡәы ажәа анисҭо,  егьырҭ ишыҟарҵо еиҧш акәымкәа, сажәа насыгӡароуп.  Бокериа ипартиа ахаҭарнакцәа абарҭ аиҧыларақәа ирылахәып адетальқәа раларҵәара мацаразы. Дара асаботаж нарыгӡоит. Аус ҧхасҭартәыр рҭахуп, избанзар Бокериеи Угулавеи апарламент изаламлеит.  Руаӡәы Жәыргьыҭ аҕьымӡ игеит, егьи  —  Ҧуҭ.  Уажәы дара зегьы ҧхасҭартәыр рҭахуп. Сара апроцесс саҧырхагахар  сҭахым», — иҳәеит Елисашвили.