Атлетика хьанҭа  - Лаша Талахаӡе Европа ачемпионс дҟалеит  
Атлетика хьанҭа  - Лаша Талахаӡе Европа ачемпионс дҟалеит  

Лаша Талахаӡеи  Бакар Ҭурманиӡеи  (+109 кг)  Ереван имҩаҧысуа Европа ачемпионатаҿ иқәгылеит.

Талахаӡе ирҭрысны ашьҭыхраҿ 222 кьыла ишьҭихын,  ахьтәы медаль игеит. Ҭарманиӡе,  176  кьыла рыла аҧшьбатәи аҭыҧ ааникылеит.

Игәҭасны ашьҭыхраҿгьы Лаша   252 кьыла шьҭыхны, араагьы ахьтәы медаль игеит. Ҭурманиӡе 216 кьыла рыла ахәбатәи аҭыҧ ааникылеит.

Лаша Талахаӡе аҩ-хкык рҿы  еицҵоу  акапан – 474 кьыла  рыла ахьтәы медаль игеит. Ҭурманиӡе ишьҭихыз еицҵоу акапан  392 кьыла иаҟаран, иара ахәбатәи аҭыҧ ааникылеит.