Аӡымпыл | Аӡымпыл азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ Словениа иаиааины, аҩбатәи араундахь ииасит
Аӡымпыл | Аӡымпыл азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ Словениа иаиааины, аҩбатәи араундахь ииасит

Сербиа аҳҭнықалақь Белград имҩаҧысуеит аӡымпыл азы Европа ачемпионат. Қырҭтәыла аизга агәыҧтә етапаҿ аҵыхәтәантәи аматч мҩаҧнагеит. Қырҭтәылеи Словениеи реизгақәа анеҩстәи аетапахь аиасра иазықәҧон.

Ақырҭуа ватерполистцәа  22:11 ҳәа аиааира рган, аҩбатәи аетапахь ииасит.

Аҩбатәи аетапаҿ, жьҭаара  17 рзы,  ақырҭуа ватерполистцәа аиталианцәа ирацлабуеит.    Ишиашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.