Апараӡиудо азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ аиааира агеит
Апараӡиудо азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ аиааира агеит

Апараӡиудо азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионатаҿ аҭоурыхтә алҵшәа аиуит. Ақырҭуа параӡиудоистцәа акомандатә аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.

Қарҭ имҩаҧысуа Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга жәа-медальк аиуит  — ахьтәы 4 медальки, араӡнытә 2 медальки, аџьазтә 4 медальки.

Апараӡиудо азы Европа ачемпионат мҩаҧган Қырҭтәыла Апараолимпиатә комитет аиҿкаарала.