Аӡиудо | Қарҭ Европа ачемпионат иалагоит - арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы #1TVSPORT
Иахьа Қарҭ, Аолимпиатә ханаҿ, аӡиудо азы Европа ачемпионат иалагоит. Аицлабрақәа мҩаҧысуеит мшаҧы 14 инаркны 16-нӡа. Заанаҵтәи аиҧыларақәа иалагоит асааҭ 9 инаркны, афиналтә блокқәа – асааҭ 16 инаркны. Афиналтә блокқәа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.
„Қарҭ имҩаҧысуа Европа ачемпионат рхы аладырхәоит европатәи аӡиудо аеҵәақәа. Абри аҟара ирацәаны атитултә ӡиудоистцәа реизара зымбацт,“ – иҳәеит аӡиудо азы Қырҭтәыла аизга азыҟаҵаҩ хада Лаша Гуџьеџьиани Актәи аканал адырраҭара „Таимаут“ аҿы.
Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа спортсменцәа ибзианы иазыҟаҵоуп.
Ачемпионатаҿ еицбалуеит 46 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә 405ҩык аспортсменцәа.