Аӡиудо | Қырҭтәыла аҿартә аизга Европа ачемпионатаҿ аиааира агеит #1TVSPORT
Молдова аҳҭнықалақьаҿ, Кишиниов имҩаҧысуа Европа ачемпионатаҿ, еилаҧсоу агәыҧтә аицлабрақәа рҿы, Қырҭтәыла аҿартә аизга аиааира агеит. Афиналаҿ ақырҭуа ӡиудоистцәа афранцызцәа ирацлабауан.
Афиналаҿ ахадаратә ҵакы аман Гьаргь Турашвили иқәгылара, иара аиапон ақәҧаҩ диааин, ақырҭуа аҿартә аизга ахьтәы медаль азааигеит.
Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга иалахәын Нино Лолаӡеи (57 кьыла), Гьаргь Турашвилии (73 кьыла), Нино Ҵиклаурии (70 кьыла), Гьаргь Џьабниашвили (90 кьыла), Лизи Қварцхавеи (+70 кьыла) , Шьалуа Гурешиӡеи (+90 кьыла).