Атлетика хьанҭа азы Европа ачемпионат |Бақар Ҭурманиӡе аџьазтә медаль игеит #1TVSPORT
Молдова аҳҭнықалақь Кишиниов имҩаҧысуа атлетика хьанҭа азы Европа ачемпионатаҿ ақырҭуаа даҽа медальк ргеит. +109 кьыла акапантә категориаҿы Бақар Ҭурманиӡе аџьазтә медаль игеит.
Иара зны 177 кьыла, нас – 180, аҵыхәтәаны – 183 кьыла шьҭихит.
Актәи аҭыҧ ааникылеит аерман Вараздат Лалаиан, иара 210 кьыла шьҭихит.