"Астатистикатә маҵзура" - 2026 шықәса актәи акварталаз ақырҭуа аҳаирбаҕәазақәа   4,3%-ла иаҳа ирацәаны апассаџьырцәа рымаҵ руит 
"Астатистикатә маҵзура" - 2026 шықәса актәи акварталаз ақырҭуа аҳаирбаҕәазақәа   4,3%-ла иаҳа ирацәаны апассаџьырцәа рымаҵ руит 

Қырҭтәыла Амилаҭтә астатистикатә маҵзура адыррақәа рыла, 2026 шықәса актәи акварталаз ақырҭуа аҳаирбаҕәазақәа   1,6 миллионҩык апассаџьырцәа рымаҵ руит. Ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  4,3%-ла еиҳауп.

Астатистикатә маҵзура аинформациа инақәыршәаны,  2026 шықәса актәи акварталаз Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҟынтә инагӡан  7,3 нызқь апассаџьыртә реисқәа. Ари арбагагьы ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  20,8%-ла еиҳауп.

Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны Қырҭтәыла аҳаиртә транспортла имҩанган  190,7 нызқьҩык апассаџьырцәеи  30,5 нызқь тонна аидареи.