Астатистикатә маҵзура  - Евроеидгыла аметодологиала аинфлиациа аҧхьаӡара алҵшәақәа цәыббразы  5.0 наӡынак иаҟаран
Астатистикатә маҵзура  - Евроеидгыла аметодологиала аинфлиациа аҧхьаӡара алҵшәақәа цәыббразы  5.0 наӡынак иаҟаран

Қырҭтәыла Астатистика амилаҭтә маҵзура  2022 шықәса инаркны аиндикатор ҿыц – ахархәаратә ахәқәа ргармонизациатә индекс ацәыргара иалагеит.

Астатистикатә маҵзура адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу аметодологиала, 2025 шықәса цәыббразы атәылаҿы аинфлиациа арбага 5 наӡынак иаҟаран, ари арбага амилаҭтә методологиала иҧхьаӡаз  4.8-наӡынатәи арбага аасҭа 0.2  наӡынала еиҳауп.

Хазы компонентқәак ҳрылацәажәозар, Евроеидгыла  HICP аметодологиала, 2024 шықәса иаҿаҳарҧшыр, анаӡынатә аиҭакрақәа абас еизшоуп: афатәаалыҵи алкоголь змам арыжәтәқәеи – 11.6%; алкоголь змоу арыжәтәқәеи аҭаҭыни  – 4.0%; амаҭәеи ашьаҵеи – -0.9%; анхарҭеи, афымцеи, аҧсабаратә гази  – 1.0%;  аҩнымаҭәеи аҭаацәаратә маҭәарқәеи, аҩны ахылаҧшреи арҽеиреи – -3.4%;  агәабзиарахьчара  – 9.1%; атранспорт  – -2.1%; аимадара, – -2.7%; аҧсшьара,агәырҿыхара, акультура  – 0.2%; аҵара – 2.4%; асасааирҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи, аресторанқәеи  – 6.1%; еиуеиҧшым атауарқәеи амаҵзурақәеи  – 5.6%.