Астатистикатә маҵзура - Жьҭааразы, зегьы реиҳа, 21 наӡынала ашәыр ахә цәгьахеит
Астатистика амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла, шықәсыктәи аинфлиациа аҳәаақәҵаразы анырра хада аман афатәи алкоголь злам арыжәтәқәеи рыхәқәа рыцлара. Ари аалыҵ 11.7 наӡынала ахә цәгьахеит, убри амшала, шықәсыктәи аинфлиациа арбага 3.88 наӡына иаҟарахеит.
Ашәыри ажьи рыхә цәгьахеит 21.0 наӡынала, ауҭраҭых – 19.4 наӡынала, ашьақари ахаатәқәеи – 17.2 наӡынала, аҧсыӡ – 16.9 наӡынала. Ахәша ахә цәгьахеит 13.9 наӡынала. Ача – 12.4 наӡынала, аминералтә ӡқәеи алкоголь злам арыжәтәқәеи – 10.4 наӡынала, акаҳуеи, ачаи, акакаои – 10.2 наӡынала, ахши, ашәи, акәтаҕьи – 8.1 наӡынала, акәаци акә ацлыхи – 4.9 наӡынала.
„Агәабзиара ахьчара: ари агәыҧаҿ ахәқәа рыцлеит 8.9 наӡынала, уи шықәсыктәи аинфлиациа ианыҧшит 0.75 анаӡынатә пунктла. Амбулаториатә амедицинатә маҵзура ахә цәгьахеит 9.3 наӡынала, ахәышәтәырҭақәа рхархәара амаҵзура – 9.2 наӡынала, амедицинатә аалыҵи, аппаратуреи – 8.0 наӡынала.