"Астатистикатә маҵзура" -  2025 шықәса актәи акварталаз Қырҭтәыла мызктәи абжьаратә аноминалтә аулафахәы азҳаит  11,7%-ла
"Астатистикатә маҵзура" -  2025 шықәса актәи акварталаз Қырҭтәыла мызктәи абжьаратә аноминалтә аулафахәы азҳаит  11,7%-ла

“Астатистикатә маҵзура” адыррақәа рыла, 2025 шықәса актәи акварталаз Қырҭтәыла мызктәи абжьаратә аноминалтә аулафахәы азҳаит  11,7%-ла. Ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа иаҿаҳарҧшыр, абжьаратә аулафахәы 226,7 лари рыла иазҳан,  2 170,1 лари иаҟарахеит.

Астатистикатә маҵзура адыррақәа инақәыршәаны, зегьы реиҳа аулафахәы дууп абарҭ аусхкқәа рҿы:

  • Афинанстәи аҧгаҧсатәи усура  — 5 515,1 лари ( 22,0% ацлеит);
  • Аинформациеи акоммуникациеи — 4 163,0 лари ( 5,2% ацлеит);
  • Азанааҭтәи, аҵарадырратәи, атехникатәи усура  — 2 975,7 лари (11,3% ацлеит);
  • Аргылара  — 2 908,9 лари ( 10,8% ацлеит).

Иара убас,  аҳасабырба ишану ала,  2025 шықәса актәи акварталаз аҳәса рулафахәы  1 744,2 лари иаҟаран, ахацәа  — 2 601,3 лари. Аусхкқәа зегьы рҿы ахацәа рулафахәы иаҳа идууп.

Арегионқәа инрықәыршәаны, абжьаратә аулафахәы ахыҧхьаӡара  аганахьала аҧхьагылара рымоуп Қарҭи  Мцхеҭа-Мҭианеҭии.