Асериарацәа змоу афильм "Аиункерцәа" апремиера цәыббразы Актәи аканал аҿы
Асериарацәа змоу афильм "Аиункерцәа" апремиера цәыббразы Актәи аканал аҿы

Ауаажәларратә дырраҭара аалыҵ ҿыц – асериарацәа змоу афильм “Иункерцәа” апремиера цәыббразы Актәи аканал аҿы мддырбоит.

Афильм арежиссиор Гиа Барамиӡеи ашәҟәыҩҩы Коте Џьандиерии асценари еицырҩит. Аминисериал 1921 шықәса жәыбран азы зхы иақәиҭу Қырҭтәылатәи ареспублика аҵыхәҭәантәи амшқәа рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызкуп.

Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили  ишылҳәаз ала, асериал атема ауаажәлар рзы даара ааигәоуп.

“Сгәы шаанаго ала, ари апроект, афильм, асериал зегь реиҳа ибзиоу атемоуп аҭоурыхи, акультуреи, аполитикеи, аҟазареи рыхцәажәараз. Ари асериал хара имгакәа аекранқәа рахь иҭыҵуеит. Апремиера цәыббразы Актәи аканал аҿы ахәаԥшцәа ирыдагалоит”,  – илҳәеит Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Асеиал арежиссиори асценаристи Гиа Барамиӡе иажәақәа рыла, апроект аус адулара имариам, аха аинтерес ду змоу процессуп.