Асенаторцәа Џьин Шаҳини Роб Портмани ампыҵахалатә цәаҳәашҟа инеит
Асенаторцәа Џьин Шаҳини Роб Портмани ампыҵахалатә цәаҳәашҟа инеит

Асенаторцәа Џьин Шаҳини Роб Портмани  Цхинвалтәи арегион иазааигәаны, ампыҵахалатә цәаҳәашҟа инеит, —  «Твиттере»  аҿы ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

Аҳәамҭа ишану ала, асенаторцәа ирҧылеит Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы Амрек Шчигель, иара асенаторцәа Земо Ниқози ақыҭашҟа инеигеит.