Елина Валтонен, Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа дрыцны, ампыҵахалатә цәаҳәа даҭааит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара ахантәаҩы, Финлиандиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Елина Валтонен, Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа дрыцны, ампыҵахалатә цәаҳәа даҭааит.
Валтонен асоциалтә аҳаҿы ишылҩыз ала, Финлиандиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.
«Иахьа лабҿаба иаабеит Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа алахәылацәа ибзиаӡаны аус шыруа, дара аҭыҧаҿ аҭышәынтәалара аиқәыршәаразы аусура ду мҩаҧыргоит. Финлиандиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит 2008 шықәсатәи аиқәшаҳаҭрала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нагӡаны, аимак иалагаанӡа иааныркылоз апозициақәа рахь рыбџьармчқәа дырхынҳәырц», — илҩит Елина Валтонен асоциалтә аҳа X аҿы.