Аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Австриа афедералтә канцлер  ампыҵахалатә цәаҳәаҿы, Оӡиси ақыҭаҿ дыҟан
Аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Австриа афедералтә канцлер  ампыҵахалатә цәаҳәаҿы, Оӡиси ақыҭаҿ дыҟан

Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Тибор Козма, Оӡиси ақыҭаҿ, Австриа афедералтә канцлер анапхгара ззиуа австриатәи аделегациа алахәылацәа идикылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Евроеидгыла амониторинг амиссиа.

Аинформациа ишану ала, Тибор Козма аҵыхәтәантәи аамҭазы  ашәарҭадареи агуманитартә зҵарақәеи ирыдҳәаланы аҭыҧаҿ иҟоу аҭагылазаашьа  далацәажәеит. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭыҧантәи ауааҧсыра реиҭаҵра аганахьала иҟоу апроблемақәа. Ишиҳәаз  ала, Оӡиси аужьҭратә пункт кыраамҭала  аркра амшала, ампыҵахалатә цәаҳәа инаваршәны, аҭыҧантәи ауааҧсыра  реиҭаҵра ахақәиҭра  иҧкуп, дара агәабзиарахьчаратә сервисқәа рхархәареи   аҵареи  алшара рымам.

Авизит анеҩс, Австриа аканцлери уи ицу аделегациа алахәылацәеи,  Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит Қырҭтәылагьы арегион аҿгьы аҭышәынтәалара аиқәыршәараҿы иҟарҵо алагала ду азыҳәан.

Уажәазы Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиа иалахәып быжьҩык австриатәи аусзуҩцәа.