Кентерберитәи архиепископ  Џьастин Уелби ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Хурвалеҭи ақыҭан дыҟан
Кентерберитәи архиепископ  Џьастин Уелби ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Хурвалеҭи ақыҭан дыҟан

Кентерберитәи архиепископ  Џьастин Уелби ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Хурвалеҭи ақыҭан дыҟан, иара ицын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ахаҭарнакцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы  Димитриос Карабалис  аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкны игәаанагара иҳәеит.

Амиссиа ахаҭарнакцәа архиепископ инарҭбаау аинформациа ирҭеит ашәарҭадара аганахьала аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа иазкны.

«Авизит анҵәамҭаз, архиепископ, амиссиа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәылеи, инеизакны арегиони рҿы аҭышәынтәалара аиқәыршәара аус аҿы иҟарҵо алагала азыҳәан», — иануп Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аҳәамҭаҿы.