Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа – Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҽынкылара аарҧшны, аескалациа аҽацәыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц
Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа – Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҽынкылара аарҧшны, аескалациа аҽацәыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц

«Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҽынкылара аарҧшны, аескалациа аҽацәыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц», — иануп Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аҳәамҭаҿы.

Анаҧшцәа Рмиссиа иҟалаз афакт азы агәалсра аарҧшны, амч ахархәара иақәыӡбит.

«Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ишьақәнарҕәҕәоит ари аинцидент Аахыҵ Уаҧстәыла ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны ишыҟалаз, аинцидентаан Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит.

Иҟалаз афакт даараӡа ҳаргәамҵуеит, ҳара амч ахархәара аформақәа зегьы ҳрықәыӡбоит. Арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынәталареи иҟазаарц азыҳәан абри аҩыза афактқәа ҟамлароуп.

Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҽынкылара аарҧшны, аескалациа аҽацәыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц.

Ҳара, ҳахшыҩ азышьҭны аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит, адеескалациа амзызла аусура ҳаҿуп, Ацәаҳәа ҷыдала ахысра иазку аинформациа аиҭныҧсахлара алагьы», — иануп Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аҳәамҭаҿы.