Европарламент аделегациа алахәылацәа ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Оӡиси ақыҭан иҟан
Европарламент аделегациа алахәылацәа ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Оӡиси ақыҭан иҟан

Европарламент аделегациа алахәылацәа ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Оӡиси ақыҭан иҟан.  Дара Евроеидгыла амониторинг агәыҧ алахәылацәа  рҟынтә аинформациа роуит ампыҵахалатә цәаҳәеи импыҵахалоу Цхинвали аҭагылазаашьа иазкны.

Европарламент адепутатцәа уаҟа сааҭк еиҳаны иҟан. Дара Ахмаџь ақыҭан аурыс базақәагьы ирыцклаҧшуан.

Оӡиси ашьҭахь Европарламент аделегациа Қарҭҟа ихынҳәит. Ауаажәларраҟны  аимадарақәа рзы  Евроеидгыла амаҵзура ахаҭарнак ишиҳәаз ала, иахьа аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла аҧыза-министри,  аиҳабыра ахаҭарнакцәеи,  анапхгаратә партиа алахәылацәеи ирҧылоит. Убри ала Европарламент аделегациа рвизит аофициалтә хәҭа хыркәшахоит.