Арратә маҵзуҩцәа "Ар рықалақьаҿ" ауадақәа роуит
Арратә маҵзуҩцәа "Ар рықалақьаҿ" ауадақәа роуит

Арратә маҵзуҩцәа “Ар рықалақьаҿ” ауадақәа роуит. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, ацеремониа рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшилии Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәеи урҭ рҭаацәарақәеи.

„Махаҭа ашьхаҿ, „Ар рықалақь” аргылара 2020 шықәса жьҭааразы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили иԥшьгарала алагеит.

Махаҭа ашьхаҿ иргылан 39 еихагыла змоу 7 аҩнеихагыладу, арратә маҵӡуҩцәа роуит 1092 уада.

Апроект нагӡахоит. Зегьы реиҳа ихадоу, азакәанеидкыла ианацҵеит, азакәанҧҵаратә аҩаӡараҟны ишьақәыӷәӷәахеит ари апроцесс шынагӡахо. Амаиорцәеи, аофицарцәеи, амастер-сержантцәеи, урҭ иреиҳау акатегориеи ауадақәа роуеит, уи арратә маҵзуҩцәа рыхә ашьареи рыбзазашьа аиҕьтәреи аганахьала зеиҧшҟамлац аӡбароуп”, –  иануп аинформациа аҿы.