“Ар рықалақь” аҿы ауадақәа рыҭара апроцесс ахьа еиҭалагеит.
Махаҭа ашьхаҿ арратә маҵзуҩцәа рзы идыргеит 7 еихагылак змоу 39 акорпусқәа, урҭ рҿы 1092 ауадақәа иҟоуп. Арратә маҵзуҩцәа 50 м2 (2-3-ҩык рзы), 80 м2 (4-ҩык рзы), 110 м2 (5-ҩыки еиҳани рзы) анхарҭатә аҵакыра аааахәара рылшеит рҭаацәарақәа рылахәылацәа рхыҧхьаӡара иазҧхьагәаҭаны, зеиҧшҟамлац азинҷыдала.
Анхарҭатә аҵакыра аквадраттә метрк 200 адоллар иаҧсоуп. Аха, арратә маҵзуҩцәа аквадраттә метрк азы 100 доллар ауп иршәо. Ари аҧара ашәаразы дара абанк аҟынтә аҧсахатә агара акәымкәа, аҩныҵҟатәи ҿҳәарала аихшара рхы иадырхәар рылшоит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшилии Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи арратә маҵзуҩцәа “Ар рықалақьаҿ” ауадақәа раиура ирыдырныҳәалеит.