Арегби азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат қәҿиарала иалагеит, иахьа ақырҭуа регбистцәа Германтәыла аизга иаиааит  
Арегби азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат қәҿиарала иалагеит, иахьа ақырҭуа регбистцәа Германтәыла аизга иаиааит  

Арегби азы Қырҭтәыла аизга қәҿиарала асезон ҿыц аанатит. Иахьа Қарҭ ақырҭуа регбистцәа Германтәыла аизга ирҧылан, 75:12 ҳәа аиааира ргеит.

Ақырҭуа регбистцәа анеҩстәи 2 матчк  аҳәаанырцә имҩаҧыргоит  — жәабран 11 рзы Нидерланды аизга ирҧылоит, жәабран  18 – рзы Испаниа  аизга иацлабуеит.

Арегби азы Европа ачемпионат афинал Испаниа имҩаҧысуеит. Қырҭтәыла аига агәыҧ аҿы актәи аҭыҧ ааннакылар, афиналбжақәа Қырҭтәыла имҩаҧысуеит, афиналтә матчи ахҧатәи аҭыҧ азы ахәмарреи мҩаҧысуеит Испаниа.