Ақырҭуа сериалқәа Актәи аканалаҿ
Ақырҭуа сериалқәа Актәи аканалаҿ

Ҭагалантәи асезонаан Қырҭтәыла Актәи аканал,   ақырҭуа телехәаҧшылраҿ раҧхьаӡа акәны, аамҭакала ахәаҧшцәа ирыднагалоит ақырҭуа сахьаркыратә сериалқәа ҩба.

«Ауаажәларратә дырраҭара ақырҭуа креативтә индустриа аҿиара даҽа инвестициак аланаҵеит.  Ҵыҧх, 11 еилахәырақәа аус рыцаауан, Адырраҭара аинвестициа  8 миллион лари иаҟаран, иара убас, асахьаркыратәи адокументалтәи аалыҵ аицҧҵара иалаҵан миллинбжак лари.
Убри адагьы,  Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара  абарҭ ааглыхыҩцәа қәҿиарала аус рыцнауеит: The Walt Disney Company, 20th Century Fox, Lucasfilm, Marvel Studios, Arte France, Rai Com S.P.A.  уҳәа убас егьырҭгьы», — илҳәеит Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.