Ақырҭуа оппозициа рҳәамҭала, анапхгаратә гәыҧ рҟны аиҿцәажәарақәа рынагӡаара иазыхиоуп
Апарламент ишахәҭоу еиҧш аусура алшап ҳәа ҳгәыҕуам, избанзар убри азыҳәан арационалтә аӡбара аҭахуп, — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Заал Удумашвили.
«Адепутаттә мандатқәа мап шырцәаҳказгьы, аиҿцәажәарақәа рынагӡара иахәҭоуп , избанзар иахьазы апарламент анормалтә усуразы аминималтә алшара амоуп, аха, уи азыҳәан арационалтә аӡбара аҭахуп. Ҳара иахьагьы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы ҳахиоуп. Анапхгаратә гәыҧ ацәгьацәыҧхамшьаратә ҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, ҳара аиҿцәажәарақәа рынагӡара ҳазыхиоуп, дара арационалтә ажәалагала рымазар», — иҳәеит Заал Удумашвили.