«Ақырҭуа гәахәтәы» даҽа ҩыџьа алахәылацәа апартиа иалҵит, дара рҳәамҭала, аиаша иазықәҧо ауааҧсыра ирыдгылоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» даҽа ҩыџьа алахәылацәа апартиа иалҵит, дара рҳәамҭала, аиаша иазықәҧо ауааҧсыра ирыдгылоит

«Ақырҭуа гәахәтәы» даҽа ҩыџьа алахәылацәа апартиа иалҵит. Дара ари атәы рҩит асоциалтә аҳаҿы.

Гиа Челишвили апартиеи  Аспинӡа Сакребуло аҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» афракциеи  далҵит.

«Ҳареи ҳабацәеи Европаҟа зхы рхоу амҩаҿы ашьа рацәа каҳҭәеит, иахьа ишаабо ала, европатәи ҳҩызцәақәак ҳтәыла ишакәым ала иалацәажәоит. Дара «Амилаҭтә ҵысреи»  Европеи акакәызшәа аадырҧшыр рҭахуп. Арҭ ауаа роуп ҳтәылаҿы европатәи аидеиа иаҧырхагоу.  Сара сзы ари аидеиа аҭынчреи аибашьра аҟамзаареи, ахьыҧшымреи  ауп иаанаго.  Убри аҟынтә, абри зегьы иаартны алацәажәара сылшарц азыҳәан, афракциеи апартиеи салҵырц сыӡбеит», — иҩит  Гиа Челишвили  Facebook аҿы.

Иара убас, инапынҵақәа шьҭеиҵеит Ҭелави Сакребуло аҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» афракциа алахәыла  Леван Коҷлошвили. Иара асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, ихы дақәиҭны ацәажәареи ауранагӡареи илшарц азыҳәан, аиаша иазықәҧо ауааҧсыра ргәыҧ далаларц иӡбеит.