«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Кристиан Даниелсон Қарҭ иаангылара иазыразуп
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Кристиан Даниелсон Қарҭ иаангылара иазыразуп

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Кристиан Даниелсон Қарҭ иаангылара иазыразуп

 

Афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе Кристиан Даниелсон даҽа мышқәак Қырҭтәыла иаангылара иазкны идикылаз аӡбара ибзианы дахцәажәеит.

Мдинараӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала,  Даниелсон абри аҩыза аӡбара ахьидикылаз уамашәа ибеит.

«Уи даараӡа ибзиоуп,  избанзар иацы аҵыхәтәантәи аиқәшаҳаҭра ҳзадаҳкыломызт,  уи азы иҵегьы аамҭа аҭахуп.  Иара Қырҭтәыла даанханы аиҿцәажәарақәа рынагӡара ахьииӡбаз даараӡа ибзиоуп. Ҳоппонентцәа ари аӡбара иадҳәаланы амцҳәара иаҿуп,  Сара адетальқәа срылацәажәом,  избанзар аиҧылара иадҳәаланы иқәыргылаз аҳәарақәа насыгӡоит», — заявил Мдинарадзе.