"Ақырҭуа гәахәтәы" арегионқәа рҿы ахаланапхгараҭаратә қалақьқәа рхадарахь акандидатцәа иқәнаргылеит
"Ақырҭуа гәахәтәы" арегионқәа рҿы ахаланапхгараҭаратә қалақьқәа рхадарахь акандидатцәа иқәнаргылеит

“Ақырҭуа гәахәтәы” арегионқәа рҿы ахаланапхгараҭаратә қалақьқәа рхадарахь акандидатцәа иқәнаргылеит.

Апартиа ахантәаҩы́ Иракли Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, ахаланапхгараҭарахь алхрақәа раан “Ақырҭуа гәахәтәы” алхратә штаб ихаҭа дахагылоит. Қарҭ акампаниа дахагылоит Каха Калаӡе, Қырҭтәыла амасштабла – Иракли Ӷарибашвили.