Аппелиациатә аӡбарҭа Ақалақьтә аӡбарҭа Михаил Саакашвили иқәу азыӡба анагӡара ахырҧаразы ма ихақәиҭтәразы иазкны аднакылаз аӡбара имԥсахкәа ааннажьит
Аппелиациатә аӡбарҭа Ақалақьтә аӡбарҭа Михаил Саакашвили иқәу азыӡба анагӡара ахырҧаразы ма ихақәиҭтәразы иазкны аднакылаз аӡбара имԥсахкәа ааннажьит

Аппелиациатә аӡбарҭа Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Михаил Саакашвили иқәу азыӡба анагӡара ахырҧаразы ма ихақәиҭтәразы иазкны аднакылаз аӡбара имԥсахкәа ааннажьит.

Аппелиациатә аӡбарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, Саакашвили ихьчара аган ршшыԥхьыӡ ақәшаҳаҭразы азинтә шьаҭа иҟамыз, убри аҟынтә уаанӡатәи аинстанциа аӡбара рымԥсахӡеит.

“2023 шықәса хәажәкыра 2 рзы Қарҭтәи аппелиациатә аӡбарҭаҿ ихыркәшан абаандаҩы Михеил Саакашвилии иинтересқәа зыхьчо адукатцәеи ршшыԥхьыӡ ахәаԥшра. Адукатцәа Михаил Саакашвили иқәу азыӡба анагӡара ахырҧара ма ихақәиҭтәра  иаҳәон.

Аппелиациатә палата Қырҭтәыла ашьауӷазакәанеидкыла 291-тәи ахәҭаҿ шьаҭас аҭаны шьақәранӷәӷәеит, абаандаҩы Саакашвили ихьчара аган ршшыԥхьыӡ ақәшаҳаҭразы азинтә шьаҭа шыҟамыз, убри аҟынтә уаанӡатәи аинстанциа аӡбара рымԥсахӡеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.