Аполициеи "Ҭбилиси Праид" иаҿагылоу ауааҧсыреи рыбжьара иҟалаз аиҿагылара аан 11ҩык аанкылоуп
Аполициеи “Ҭбилиси Праид” иаҿагылоу ауааҧсыреи рыбжьара иҟалаз аиҿагылара аан 11ҩык аанкылоуп.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
«Ҭбилиси Праид» амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны раҧхьатәи ауснагӡатә ахьымҩаҧысуа аҵакырадгьыл аҿы изныкымкәа аиҿагылара ҟалеит.
Ауснагӡатә ашҟа инеит адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы.
Ауснагӡатә алахәылацәа аҩналара аан апроблемақәа рызцәырымҵырц азыҳәан,
азинхьчаҩцәа аҭыҧаҿы акорридор еиҿыркааит.