Аполициа аусзуҩцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы амцабџьари аџьаҧҳани аадырҧшит, 14ҩык аанкылоуп
Аполициа аусзуҩцәа Қарҭи арегионқәеи рҿы амцабџьари аџьаҧҳани аадырҧшит, 14ҩык аанкылоуп

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз аоператив-аҧшааратә уснагӡатәқәа раан, Қарҭи арегионқәеи рҿы аадырҧшит амцабџьари аџьаҧҳани рацәаны.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Адырра инақәыршәаны, амцабџьари аџьаҧҳани закәандарала аахәареи ашьҭаҵареи азы аанкылоуп 14ҩык.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 3 шықәса инаркны  7 шықәсанӡа аҭакра.

«Аусеилыргара мҩаҧысуеит  амцабџьари аџьаҧҳани закәандарала аахәареи ашьҭаҵареи афакт азы, Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  236тәи ахәҭаҷ  3-тәии  4-тәии ахәҭақәа рыла», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.