Аҧыза-министр Венгриаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Лилуашвили дылҧылеит 
Аҧыза-министр Венгриаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Лилуашвили дылҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Венгриаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭамар Лилуашвили дылҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Венгриеи русеицуреи уи арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр Ҭамар Лилуашвили амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара лыдныҳәаланы,  лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.

Ҭамар Лилуашвили аиҳабыра рнапхгаҩы ҭабуп ҳәа иалҳәеит агәрагара ду изаарҧшразы.